text
stringlengths
0
400
Нас ԥсыхәас иҟоузеи?
Аҽырцәгьара иҽаназик, ҳәашьак ақәымкәа сыцәҳаит, уиала иҭыԥгьы дықәысцеит.
Абри нахыс Стефан полиак бызшәала апатара далагеит.
Абанҭ сыԥҳацәа роуп, реиҵбы дарбан, дысурбозар?
Маҭыхә зегьы-зегьы зыхҭниҟьауаз уи агәылаԥҳәыс, ауаҩаԥшь лакәын.
Иԥынҵеи, ицлымҳәеи, илахь азбжеи ҭакәаҳаны иҿаҳәоуп, ианԥдыртуагьы сыздыруам, иаԥшрахогьы Анцәа дақәиҭуп.
Ашьхақәа сыхчнуп, сшьапқәа амшын иҭакуп
Наԥҳа Кьагәа диқәгәыӷуан иара, асаӡқәа ахьынхоз Жәкаранӡа дахылаԥшрын ҳәа.
Аиеи сыҷкәын, абасҵәҟьа ҟаиҵон.
Дизгәышьуан.
Бара, ари сара сгәы ирԥшааит, иббо?!
Илақәа шаҟь-шаҟьо уи днаихәаԥшит Сандра.
Ҳасани, Шәлимани, Мураҭ Агеи сзааргааит, иаарласны иааиааит.
Изжәит.
Ҳқыҭа иалганы амраҭашәарахь игаз амҩа гәыӷрақәа ҳарзыԥшын
Алемсаа хьаҵны рҭыҩрақәа рахь рыҽхьаркхьан.
Ақырҭуа-аԥсуа еибашьра иазку шәҟәык
Уаҳа лак-ҩакрак ҟамҵакәа саби сареи уахь ҳҿынаҳхеит.
Ибсырдыруамызт лакҭала Бзиа бшызбоз иҵәахны.
Абар, шәазсырӡырҩуеит лыбжьы
Аҵых иалԥраа, ихыхәхәала, шьха рҩашушәа ԥшаласк ӡсоит.
Ус агәгәаҳәа абжьы аниаҳа, Сахсаган ашә ԥжәаны дыҩналеит.
Шәара шәаара ҳауаажәлари ҳареи шаҟа ҳаигәырӷәаз жәбоит.
Абра хыхь иҳәоу ахшыҩҵакқәа шьақәзырӷәӷәо акык-ҩбак аҿырԥштәқәа ааҳгап.
Аихамҩа рхатәы економикала ирзышьақәыргыла-ӡомызт.
Иахьыҩнагылаз аҭӡы азхәҭак, аԥенџьыр аган ахь ала, асаркьеиԥш иҩаганы уалԥшуа, иазылгәыгәны ишыҟазгьы аагәасҭеит.
Аха сҽынахызга-аахызгақәоз, анахь, арахь аҽыцгақәа ԥшааны зус ҽеины иазыҟамыз, иназмыгӡоз иранеижьуамызт.
Шьҭа ма сара, ма иара, уи абгыӡ!
Егьирахь уара, ҳаклассаҿы иреиӷьыз ашәҟәыԥхьаҩ
Дад, ҳаҷкәын, уеилагама, ус шԥаҟауҵои ҳәа шәышықәса ирҭысхьоу абыргцәа дырԥхашьаны даанаҳкылоит ҳәа ишалагозгьы, ржакьа ӡышқәа инацәақәа рыларԥа, аҟырҟырҳәа дырхыччан, аҟыгәҳәа илықәикшон, иаргәҵысҭаҵәҟьагьы мҵысӡакәа ихҿа рылишьуан.
Аҵыхәтәаны иаҳарбаз ахәыҷқәа рахь иԥхьаӡатәуп зыхныҟәгашьа акыр иманшәалоу усны изыԥхьаӡо, даҽаӡә ииҳәо зхахьы иаазгарц зҭахым, насгьы зҭаацәа уи рацәак иҽеим акы акәны иԥхьаӡаны заа арҽеира рнапы ахьадмыркыз.
Аимадара рзышьақәмыргылозу здыруада, ааигәа дшыҟамыз ларҳәон.
Зны Абрыскьыл згәы дыҭнымҵәаӡоз, дызхамшҭыцыз ауаа цеит иҿыхразы жәаҩа гәыжьк реидара ацәашьи афатәи рыманы, урҭ аҳаԥы ианҭала ашьҭахь, арахь амшцәгьа ҟалеит, адыд-мцәыс бааԥсхеит, уаҩы ишимбац ақәацәгьа ауит.
Иҩуан иара.
Иумаҳаӡои иуасҳәаз?
Аҳәынҭқарра еибаркуп закәанла, уи адунеитәи аҳәынҭқаррақәа зегьы иреиԥшу формоуп, аха Аԥсуа ҳәынҭқарра иацзароуп аԥсуа ихьӡи-ихьмыӡӷи.
Лбызшәа лыздыруам, аԥсуа ҟазшьақәа рныҟәгара дазыманшәалаӡам, аха хылҵышьҭрала дшаԥсуоу лдыруеит!
Азауад ахь, аӷәы ахьырхуа, ақыҭ дуқәа ахьеиҩырхуа.
Ашацәа рашҭахь сныҵԥраап сгәахәуеит, цәаныррак ӡыӡымкуа сгәаҵаҿ ихыхәхәоит.
Урҭ ахьтәоу амҩа шәақәымшәар ауеит.
Аӡәы узлаиҳәарызеи акрысҿаҵа ҳәа.
Атахҳәа урҭ аԥсыӡқәа ирысуан, ишрылшоз амцкласра иаҿын.
Раԥхьа ҳацәгьамызт.
Иҟалап, раԥхьаӡа ари адгьыл Аԥсны ахьӡызҵаз ауаҩы, хара даҟәыганы иагаз аӡәы иакәзар, уи иҳәозҭгьы сыԥсы ахьынхаз атәыла ҳәа
Иазҳархар шԥоубари, Кыҷа?
Абас еиԥш иҟоу ацәажәара уаха нахыс абра сыҩны исмаҳароуп!
Лара илҳәомызт, аха ахәыҷқәа аҳәаха рибамҭо, рмамида лҭоурых рҳәет
Ҿымҭӡо лыгәыӡра саҿуп, лыԥсы лшьоит уи сшьамхқәа рҿы.
Насгьы абнахь инаскьацыԥхьаӡа, иаҳагьы абнагә аиуеит иара, иаҳа иџьбарахоит, усҟан иаҳагьы ашьра цәгьахоит.
Ҳанхарҭақәа рҟны аӡынра аԥхара анеиԥҟьалак, акритика рызуа, афелетонқәа агазеҭ иананысҵалоз аасгәалашәеит
Ари ахшыҩҵак ҳәаақәырҵоит
Бызлагаз нагӡа, Ардилиа, сара стәымуаҩыбымшьан!
Асҟаамҭа уахь данкылаӡ, ҳагәқәа ҭынчызма, ҵаны.
Абри Аӡын Данаҟеи иеиԥш иҟоу афырхацәа роуп аԥсҭазаараҿы ажәлар рыламыс еиқәзырхо, аԥсадгьыл абзиабара ду шрылоу аус аҿгьы хеигӡара ҟамҵакәа иаазырԥшуа.
Уаҳа ибмаҳаӡои?!
Аҩыџьагьы ааигәы-дибаҳәҳәалеит.
Рымҩақәа шхазыз изеилкаауамызт.
Уи иакумзи, зегь раԥхьаӡагьы џьанаҭ дгьыл ахь ахыҵра ҳадзыԥхьалаз, Осман-Кои ҭыԥс иаҳзалызхызгьы.
Баанҿас.
Аха уажәы, ажәҩангьы аҵармақь аиԥш ианеиқәаҵәоу, амшынгьы аҭра иҭыҵны ианцо, анаҟәа жәпаҳаҳараӡа аҽахажьны ианыҟоу, амшын нырцә акәым, ҩажәа, ҩажәижәаба шьаҿа рнаҩсангьы акгьы убарҭам, ажәҩани амшыни ркалҭқәа уаԥхьаҵәҟьа еилалазшәа убла ихгылоит.
Аиеи, баҳәшьа дбыкәыхшоуп, ҳабзиахоит, ҳаицхыраар!
Арахь уԥшыр, иалаго зеиԥшроузеи игәӡоу, иџьаџьоу ҳәа уаҩ дазҵаауамызт.
Ҳара ҳқыҭа иазыԥсахрым уара уқыҭа, уи ҳәарас иаҭахузеи, аха Амзаҿагьы зуцәымӷхарызеи?
Мап, сыжәҩа иқәыршәуп.
Абжьас уца
Аха Захар симгәӡит.
Уи усҟангьы иахьагьы зегьы алаф рылихуеит, аҵәы рылаиҵоит.
Уи иибаз зегьы амца нақәижьын, алашара хара иубо иҟаиҵеит.
Раԥхьа баб иқьалахь ҳнеип.
Акы уацәымшәан сара сахьувагыло.
Ҳаҽқәа ҳашьхәа ныдҳарбеит.
Адунеи аҵыхәтәа ишазыԥшыз.
Арԥарцәа азныказы иаалак-ҩакшәа иаанхан, аха, нас Жагәа ишьҭаланы ашацаҳәа ашә ахь рҿынархеит.
Исылшаӡом.
Ҭоумышь, Аҭара, Кәакәаа рхәы, Кәачара ахақәиҭтәра, Ануаа рхәы.
Араҟа еиқәысыԥхьаӡаз амаҭәахәқәа-апоезиатә ҩымҭа зыргылоу Георги Кесиан ишәҟәаҿы иҟам, сҳәом, аха имаҷуп, насгьы ахархәара рымоуп иԥсыҽны, иҵегьы еиӷьзар игәылҭәаазар ауан
Ушьҭоуп уара сҿаԥхьа уқыдбажәха.
Нас даахьаҳәын, ауаа аџьџьаҳәа иахьеилаз апарк иаҵәара дыҵамлакәа, даваланы лҿыналхеит.
Хәылԥы еҵәа ԥшьаала иҭашәеит, бжьыҟам, шьҭаҟам, аҵых лашьцоуп.
Аҽыҩ, аҽы ццышә бзиа, аҽуаҩ амцхә аӷәра ауижьыр, ашша аӷраԥҽуеит.
Мушьни имахәар нҭарс иааникылеит.
Бара, Хыда ҳәа зсабҳәои?
Адисциплина бзиа ибоит, данцәажәо амҵ ԥыруазар иуаҳауеит.
Сшааиуаз исцәыхәлеит, сымҩахыҵыр сҭахын шәыҩныҟа, ҳәа длыҳәеит.
Ус акәны Анцәа иҟаиҵааит.
Аҷкәын лыссы дареизҳаон.
Уи укаҳара ала, угылар ԥхьаҟа уцап.
Шамахамзар ас ҳмеицәажәаӡацызт иареи сареи, гәылацәақәак раҳасабала аԥсышәак ааибаҳҳәон акәымзар.
Уи илоуп ларгьы апартизанцәа дызларымадахаз.
Уи ҳара иаабоит аинрал, наҳар уҳәа данрацәажәо.
Убасҟан илызгәамҭаӡакәа ацәа дынҭанагалеит.
Ауаа анасыԥ рзаанагоит, аиакутцәа уи иеицырзеиԥшыз тотемсгьы ирыԥхьаӡон.
Аӡәызаҵәык уакәын, нан, сара исымаз, аха изаҵәыкхеит Аԥсынрагьы!
Аха даҽазнык санеимса, шәара шәхарала ахьҭа сылалеит ауп.
Сыхәда аҩнуҵҟа аԥаса ишыҟаз акәымкәа иаазқәылаз акалашәа аҽыҟанаҵеит.
Уаҵәы абыржәааны уааир астатиа мазеины иҟалоит, амала, урысшәала акәу қырҭшәала акәу ишызыҩра?
Иԥҳәыс лысалам шәҟәқәа рҿы иабжьалгоит иара дхәыдамхарц, маҭәа бзиак иԥыхьашәар илзышьҭихларц, аԥхын лхәыҷқәа лыманы иара иахь аԥсшьара дизаарц.
Исылаӡамыз амҵахырхәара, сыблақәа ирхыҳәҳәыла ирхылеит.
Урҭ зегьы ҳара ҳџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых аазырԥшуа хәы змаӡам нҵамҭақәаны иҟоуп аԥхьаҟатәи абиԥарақәа рзы.
Избац уоуп ҳәа суқәгәыӷны, ашацаҳәа снеит уахьтәаз.

Dataset Card for "monolingual_ab"

Dataset Summary

The Abkhaz language monolingual dataset is a collection of 1,470,480 sentences extracted from different sources. The dataset is available under the Creative Commons Universal Public Domain License. Part of it is also available as part of Common Voice, another part is from the Abkhaz National Corpus

Dataset Creation

Source Data

Here is a link to the source of a large part of the data on github

Considerations for Using the Data

Other Known Limitations

The accuracy of the dataset is around 95% (gramatical, arthographical errors)

Downloads last month
84

Models trained or fine-tuned on Nart/monolingual_ab

Space using Nart/monolingual_ab 1