text
stringlengths 23
997
|
---|
Едгьагә ауахәама шәҟәыԥхьарҭаны иҟаҳҵап, арадиогьы уахь инаагап аниҳәа, Бадра-Бандалеи зынӡак дааԥнажәаӡеит. |
Иҟаз еиқәызҵогьы сылахь, сҽасҭарым уи, изҭахыда. |
Ҳгәаанагарала, урҭ бнауаҩҵас еибафоз, хԥхьаӡарала еиҳазаргьы, Аԥсуара зырҿиаз ашьхаруа жәлар, урҭ ирхыҳәҳәауа игылаз жәларын уи шаҳаҭра ауеит агумонизмра агәылжжуа идырҿиаз акультура ахаҭа. |
Цыԥхь хәыҷык неины иҭашәазар ҟалап уҳәартә иаацәыҵԥхеит уи ахаҿы. |
Ақыҭаҿы хәҩык, фҩык инеиҳангьы ахшара рааӡара, иара убас ааӡара апроблемагьы, абызшәа аԥхьа инаргыланы. |
Шьҭа сымҩа шиашоу ицоит амраҭашәарахь, иара сымрагь аалаҟәит шьҭа, абар. |
Иудыруеи, схәыцуеит, ҽакала сҩагылар, уахак иаасзыршар. |
Сара ашьха сзыргаз, сҟәышын, сыԥшӡан азоуп! |
Мап, џьоушьҭ, усҟак злаԥысҟо сызҭода, арҭ ргьама абаразы иахысыз роуп. |
Ҳара убас зҳахьуа убри азоуп сара сгәы излаанагоуала, аӡын ҳарахә, ҳнырхага ҳацәаӷәагақәа |
Быхәлаа дрымаҳәын, раԥхьагыла иԥҳазаҵә лхаҵа иакәын. |
Ааи, ас иҟәандаӡа, уцәа-ужьы иалсуа арҳәара даҽаӡәы илшомызт. |
Мап ацәкрақәа узымариоуп, ҳаргьы мап ҳцәумкуазар, уааила, убара дшеигәырӷьаз убоит аҭаҳмада, қьышәқәҵарала даасыхәаԥшит. |
Аӡыхь ахьхьаҳәа ахра иаҵҟьо, ираӡынԥсаха ацыԥхь иацҟьо |
Уи ада-гьы ҳуаажәлар ақалақь ахьынтәи еихьшәшәа-еиԥышәшәо, игарыгаҽо акылсра иаҿуп. |
Укәтыжь аиҳа, аӡә икәтыжь иаҳа ихаауп. |
Амала, абырфынсыҩцәа рганахьала иалукааша аҳҭынраҿы еидкылаз аҟазацәа ирсуаз, пурпур ҳәа изышьҭаз, аҩыза даҽа ҟазак аҟаҵара азин имаӡамызт, уи азин еилазгаз акнаҳарҭахь имҩа хан. |
Аҭынчра зынтәалоу аҵх асаан ианызгаз сыздыруам, иԥыххаа икаԥсан. |
Исгәалазыршәаз, уамак аҵанамкуашәа иҟоу абри афақт хәыҷы инаркны, абџьар кны, Аԥсны иақәлоз агрессорцәа аанызкылоз рҟынӡа рыхьӡ амырӡра, аҭоурых азныжьра, иаҳа еиӷьзар ҟалап ҳақәӡаауеит ҳәа, иҳацәтәыму ажәақәа рҳәара аҵкыс. |
Инацәхыԥқәа адхыжәжәалазшәа ихьт, ахаҳә ду адгьыл иахьыҵаз ахы ааԥшуан ауп. |
Аспектакаль сара даҽаџьара саҿаԥшуашәа збоит, аҭак ҟаиҵеит ассоциациа ахантәаҩы. |
Урҭ зегьы акы исыхәарҭахо исымбеит, сшьапы шыҟац иҟан. |
Ииҳәаз имаҳаӡазшәа, хәымгарак кнаҳаны избаз ахәыҷы иеиԥш, дшахәаԥшыц дахәаԥшуан Привет, Маша! |
Аповест лахьеиқәҵарыла, гәкаҳарыла инҵәозаап, ашәҟәҩҩы аԥсҭаазараҿ абзиа аиааира азгом ҳәа шьақәирӷәӷәозаап шаҳҳәо, Мариа арҭ лажәақәеи лҭагылазаашьеи ажәабжьҳәара иаразнак иаалырҟьаны, иаақәырҵәиааны зынӡа даҽа ҵакыки хырхарҭаки арҭоит. |
Аамҭалатәи усын, иргәаҟуа арахь зҿаазхаз еиҭах. |
Уахь агәашә аартны инҭалап, аҿыхрагь иалагашт лассы. |
Са санԥслакь шәара сыжәжы, адамра сҭаҵаны. |
Ачымазаҩ дыҟоума, асаби дыцәоума урҭ аҩбатәи аплан ахь ииасуеит. |
Исгәалашәоит, заҟа аинтерес ҳкыртә аҭоурых ҳирҵоз. |
Насгьы араҟа иаҳҭатәаз иқырҭцәам ҳаӷацәа зегьы Қырҭтәыла иалаҳцоит |
Абду Филати Маргаритеи ираҳаз ажәабжь омашәаҵәҟьа ир цәымӷхеит. |
Уахынла-ҽынла амҩақәа ԥҵәаны, ирымаз ашәақьқәеи агикоқәеи кны иҷаԥшьон, агәыԥқәа дырхылаԥшуан, шьоукы-шьоукы ишыҟарҵалоз еиԥш, имаҭәақәа аашьҭыхны, аҳаирплан дынҭатәаны Гәдоуҭаҟа ачаԥха ифаларц дымцаӡеит. |
Иара убасҟан, иоурашәа аныҳәа, абраҟа даацәырҵит Иуда ихаҭа. |
Дазусҭзаалак забџьар цәырзымгаз Аԥсны дшалаҳцо идыруаз ҳәагьы имақарит. |
Ақәрахьымӡа аҵеи дзыҭнымхаз иԥсра аԥсуаа шазыҟаз абри ала иаарԥшуп. |
Ԥыҭрак ашьҭахь, Ҭарасхан ажәқәа раахәара даҟәыҵын аҽы ааихәеит. |
Уи ибаҩхатәра азыҳәан аҭакԥхықәра рыдуп изааигәоугьы, аҭакԥхықәра шрыду еиԥш ацҳаражәҳәаҩ дрыхьчарц ицыр ҵаз. |
Иԥҽыз акаканқәа ана-ара инеидкыла, цыӷқәоума қьафлаҵәҟьа ичаз? |
Нас иаразнак игәы шԥахшәеи, иан лыбызшәа иахьа абас? |
Дасу иара инасыԥ имоуп, издырӡом иахьыҟоу иразҟы |
Амхы ацәаӷәареи, ахкаареи, арашәареи шәара шәадгыл. |
Ҳазлацәажәо арҿиаратә усхкаҿы зыӡбахә сҳәаз авторцәа иаԥсуоугьы иаԥсуамгьы досу рлагала шеиҟарам еилкаауп. |
Аҭаҳмада даныҷкәыназ уи аҭоурых иаҳахьан, аха иԥсҭазаара иадҳәалоу хҭыск еиԥш деигәырӷьаны иҩызцәа рҿгьы еиҭеимҳәацызт. |
Аӡҩыбжьаа реибашьцәа Кәыдры ацҳа ԥыржәеит ҳәа адырра ҳауит иахьа. |
Зегь акоуми, Сқьеԥарна, ҳнапы ҳҟьар ахәҭаӡами? |
Аха уаха егьарааны дмааргьы, ихәы ачанах иҵахҩаны, ампахьшь хәбаба илаҳәаны илыман, ларгьы дадтәаланы дизыԥшын |
Ара иаабоит раԥхьаӡа иргыланы дызхагылоу аус агәцаракра имоу, акы зланы иибаз дышреиҷаҳауа, рыц хибажәауа акәымкәа аӡәи-аӡәи реидгылара, реицхыраара акыр иаԥсаны ишиԥхьаӡо |
Алакә сзеиҭеиҳәозшәа исеиҳәоз ажәабжь сатҟәан, наҟ исеиҳәарызеи ҳәа сыԥшын. |
Зхы замхаԥагьаз абырзенцәа, тоннабжак аҟынӡа араӡын шасыс иаанижьырц иарҳәеит. |
Гьала-гьала, џьымшьы ргьала, аҭаца дгьалоит, анхәеи абхәеи шьамхааԥсақәа рыҩнаҭа ргәырҩоит. |
Дшәеит нас Ҟәбина Сасрыҟәа дагар ҳәа, дҭахеит, аӡиас дазцан лхаҭагьы. |
Унапы ианиҵаз ҟаумҵар дуаӷахоит, иӷәӷәангьы дуԥырхагахоит. |
Еиҿикааз ацәыргақәҵа уи бжеиҳарак сара сматериалқәа рыла еиқәыршәан. |
Ҳабацәа уиа ӡынра ӷәӷәа иазҳәоуп, – рҳәоит. |
Иҭахы-иҭахым, убри аполитика анагӡара дацхрааит, дацхрааит акәым, аԥхӡы азкеиҭәеит зыӡбахә сымоу аҳақьымгьы. |
Саргьы исымоуп, – лҳәеит, имырхьаацәакәа, ара Џьамал ԥшӡакәакәара ҽеила дудыруа дыҟам ижакьа аужьны дшыҟақәоу умбои |
Издыруа ҳәа иҟада, иажәа анагӡара даҿын апап, иҟалап иаашар еибашьтәыс ишәоургьы. |
Лассы ҳныбжьалеит смааижьҭеи асфальтгьы зқәырҵахьаз агәарабжьара мҩа Абаза моҳалесси. |
Иагараан иара абла саркьа ихаҭагьы абраҟа дааихьан, иагараан еидтәаланы иага цәгьа-мыцәгьа рыӡбахьан. |
Аха, аамҭа, ухьышьаргәыҵа сакәхшоуми, Ауаҩытәыҩса знык ианиуҭа аира, игәыхәтәы дахьызыгӡашагь уара уоуми, Идумгалан уи дышқәыԥшу аԥсра. |
Арахәыц икуа, икуа мацара, аанда дынхыҵын, Пыӷа ишҟа длеин, еицны ицеит. |
Нара илыхьӡнызҩылоит дхәаԥӡа сҟәаҟәа дықәтәоуп уажәгьы Нара. |
Кьаразаа ар ираԥгыла, аменшевикцәа ргәашә цҟьаны, рхы-рҵыхәа иакәша, еидкыла, рҿаархеит ус рыҽшаны. |
Ақырҭцәа наԥшы-ааԥшны аԥсуаа ажәыларахь ишымнеиз анырба, рымч-рылша зегьы ақалақь аҩадахьтәи акәакь ахь инеиз агәыԥ ирыжәырҵеит. |
Ақыдсақәа рхаҿы иқәтәаз, раб иакәхап, даҽа ԥсҭазааран дызҭаз. |
Исҳәеит хажәак иҳәатәыз, Аха ишысҳәазоуп аус |
Ашәыҟәҭыжьырҭа ҳәынҭқарратә усҳәарҭаны ишыҟоугьы енагь аҳәынҭқараа рықәҵарақәа, рнструкциақәа рыла аус азуам, иаԥызароуп аус зырманшәало амеханизм, иҟазароуп аҭыжьырҭатә Ԥҟара, Аустав, иахьазы ҳрҿиаратә Еидгылақәа уи ахабар ҳәа егьрыздыруам, наҟ-ааҟтәи еизыразрала ишьақәрыӷәӷәазароуп уи аредакциатә Хеилак асахьазы акәымкәа аус иатәны. |
Ахш агәараҳәа еижәхысланы ишааиуаз, бынҽак аиҳәа снахыԥауеит аҳәан, изахымԥакәа ахш иҩалаҳазаап, ишьҭкәыцәаа иама аҿаанахеит. |
Ута дасуан, Маџь Житомир дыҟоуп ҳәа лгәы иаанагоит, адрес ианхәа лыла еилылкаар лҭахуп. |
Миха Бӷажәба, Косигин, Никәа иҩны дааигеит, сара сқыҭа иатәу иҿы ҳаԥсы ҳшьап ҳәа. |
Сара сҽыхәа, ахәда еиҩырхәа, сара сҽыхәа аԥрыцә, аҵыхәа ирынпыҟҟала аџьоуҳар |
Абри гәахәаракгьы аалнаҭеит Зина, аӡаагара зымч ӷәӷәала иашәахьаз лан лџьабаақәа маҷк ирыгнархоит, ҩбагьы, аринахыс илулак лхәыҷқәа лыманы лассы-лассы абрахь дызҩеилар, рыкәабара-рышьышьра, рымаҭәа-рҩыҭәақәа рыӡәӡәара еиҳа иарманшәалоит |
Угәы кыдгылт, издыруеит, уеидара шьҭоуҵар, ишьҭыхны изго ҳәа дышумам аӡәгьы. |
Аччара мыцхәы, аԥсшәаҳәара мыцхәы, аҭоуба мыцхәы |
Анатоли Лагәлаа адунеи ду уаҳа самкуа, Арахь ицәырсымгац шәа шәҟны, Гәҭыхак сымоуп, иҳәаӡамкәа, Уи саргылт снапы санкны! |
Анаҟә баша ихымызт, ишаара иаахьаз ашьац ақәаԥсата ақәыҳәҳә иҟан. |
Аха вҵиаақәак аасыҵаст, снаскьаргьы шьҭа ирҭахшәа. |
Адәыӷба са сцасҳәа иаҳа иццакит, иааҳәыз сгәы исызмырхынҳәуа имцакит. |
Уи иҳаиҳәеит Аԥсуара закәыз раԥхьаӡа ишидырыз атәы. |
Убри диеиԥшшәа, убри ифункциа наигӡошәа дҟаҵоуп Асду аҿы Аҵаҳәа. |
Урҭ зегь уаҩԥсык еиԥш драцәажәо иҭагаланы, дасу рҭыԥқәа рҿы иҭеикуеит, ранацәа рырмашьцаразы, абат лахь-ҷашьеи аҳәыс шьап-хьышьаши ааиган, ажәи ажәкамбашьи иара ихала ихьоит, Мактина џьабаа лмырбакәа, ԥҳәыск дызиргәаҟрызеи, нас |
Адәахьыҟа ацгәы ԥсы акәым, уи ахәыцҵәҟьагьы рыцҳашьаны иузкаршәрымызт. |
Лассы еиликааит урҭ рҿы мацара даангылар, ашьҭақәларада иҿыцу рацәак акагьы шаанамгоз. |
Ларгьы даараӡа иртатаны диацәажәон азнык азыҳәан. |
Аҭаацәа инадыркны аҳәынҭқарра ахаҭа ашьақәгылара аҟынӡа инаганы уахәаԥшуазар, зегьы уасхырс изықәгылоу убри зҿы еилымго аҳаиуан қьиа ду акәӡами?! |
Қиҭовани дышҽадабаӷьыз аурысқәа идирбеит ҳәа сыҟоуп аицәажәарақәа раан. |
Акамбашь Бача ашәа ҳажәла мыӡроуп, инхароуп ҳаиуа, ҳамгәа ҭыҵлароуп ҳҳаиҳаиуа. |
Даҽа ажәак-ҩажәак ари апиеса иазкны икьыԥхьу астатиақәа рзы, хыхь исҳәахьоу раамышьҭахь. |
Уи зны махәҭак налҩаауеит, нас даҽакы, урҭ ирышьҭалоит акакала егьырҭ иаанхаз, уимоу, адгьыл иҵоу адацқәагьы еилԥсаауа иалагоит, ишнеи-шнеиуагьы шәыр зҿало ҵлазар абӷьыҵәҟьа цқьа иазылымго, ԥхарреи ҟәандареи амыхәаӡо, ашәҭра иаҟәыҵуеит, ԥша ӷәӷәак асаанӡа ус аҽынкылашәа иааиуеит |
Иҟоуп даҽа џьоукы, шәҟәыҩҩцәақәак, даҽа шәҟәыҩҩык изыҳәан цәгьарак ҟарҵар, ихатәы шәҟәҩыра иацхраауеит ҳәа зыԥхьаӡо. |
Аҽеидкылара саҿуп, шықәсыки ҩымзи аӷба зыҩныз, шаҟа еидкылатәыз |
Аха аҩымҭа аламцәажәашьа амам, избанзар, уи ишьҭнахуа апроблема, излацәажәо азҵаара, алитерату ратә рҿиамҭа арамкақәа ирҭысуеит. |
Усҟан аҟараҵәҟьа аԥхьаҩ ҳилхәдаамзаргьы, изгәаҟра уеизгьы иҳамоуп иахьагьы. |
Арҭ ара чеиџьыкак дмырхиар аушамызт, ҳара убра ҳнамгаӡакәа, дара неидтәалону! |
Исхамышҭуа исзаанхеит ҽнак, асеминариа аҟны, иажәа иалаҵаны ииҳәаз, аа, абри, уажәы сызҵаԥшуа, ашәҭ-ҵла азыҳәан ихы насықәкны ииҳәаз |
Ирҿиамҭақәа рҿы жьи-цәеи реиԥш аҵаки аформеи хеибарҭәаауеит, иҭибагоит. |
Иҟоуп, ааи, иаԥысҵаз, исзаԥымҵаз, иҭабуп убарҭқәа зегь рзы! |
Уи ак ахьны иҟамкәа еибгазар, аламала аҭра иҭагыло иҟазма? |
Уаха ахәылԥаз ианааилатәоз ирыӡбон, дасу уаҵәы дызлагашаз |
Ишдыру еиԥш, абызшәаҿы исахьаркым ажәа ыҟаӡам, аус злоу аконтекст аҿы иахьҳәои ишҳәои роуп. |
Subsets and Splits