text
stringlengths 23
997
|
---|
Иара, ишәыра ҭбаа ыркало, ашәҟәҭаҩырҭа иадгылақәаз днарышьҭагылеит. |
Уахьгьы инаскьар, иҵегь наҟ ҳнаскьозар акәхап, аҿаҩахь. |
Сахәаԥшуан хыхь акаԥдан цҳа сықәгыланы уажәада исымбацызшәа гәыблыла. |
Ари, – иҳәеит, ҳанеибадыруаз аҽны иаахәаны илкын. |
Аха сара узџьынџьу, Иухьӡызҵа Аԥсныра, уа уҿоуп сыԥшәмара ахьҭынчу, Сгара ахьдырҵысуа. |
Аԥсҭазаара иацәызгазгьы маҷым, имаҷмоу, акрыҟоуп, ҳәарада. |
Ашәышықәсқәа рҩырақәа ракәхашт дара, мамзаргьы иҳашҳатәроу ахаҳәқәа рбызшәа. |
Ахала исанаҳәоит аготика ахықәкы хада шаҟа ауаҩы ихы-ихшыҩ рхәаҽырц, шаҟа ауаҩы дладырҟәырц иаҿыз аҟара, аготика иаҳагьы ԥхьаҟа, аҳаракырахь иԥхьон. |
Аха аҵыхәтәан уеизгьы дшьақәгылт, ҩыџьа аҵеицәа аԥацәа хазынахәха Гәдисеи Алхаси лымоуп. |
Асҭанда раԥхьа аҷкәын иахь аҿы налырхеит сырҳәык. |
Адгьыл ахаҿра аԥсахразы уи иибоз аџьа иаԥсахуан иара ихаҿрагьы, аԥсабара амчқәа рхы рақәиҭтәраз иқәԥара иаргьы адоуҳатә хақәиҭрахь днанаԥхьон. |
Ианхәыԥҳа аԥара лиршәом амаҳә, насгьы лара иахьылбо иҽирчычиарым. |
Ҳаӷеиҭа, ҳаҵахазҭгьы, зегь иара ишиқәрыжьра, иара ишихарартәрагьы иазхәыцуан, уи ала рыԥсажәқәа ҿырхырц азыҳәа! |
Ибеит уи сусқәа маншәалан, урҭ дрыхҟьашон дахьцалак. |
Гәыԥҳәыхшла исааӡаз, соуԥшәыл хазына, аҳцәа ирылҵыз, аҳра иазшаз Ҳамыҭбеи, дыԥсит, аха дышԥаԥси, сара хгәаша, нышә даднамкыло, лаӷырӡык имоуа! |
Ус шакәызгьы, ԥыҭрак ашьҭахь Таиф иажәеинраалақәа реиҳарак акьыԥхь ианылеит. |
Избан дзирыз уи адунеи аҿы даартҩы дуны, дҭоурыхтә етапны, датомтә шәышықәсаны, дкосмостә ераны? |
Зегь ирҳәо, ируа ауаҩра иахьатәу, рыгәқәа ахьаарту, рыбла ахьыхту. |
Ааишьа, разҟыцәгьа, илымпыҵыҩрны икаҳаз аирыӡ ааҩназгалан, маҭәажәк аарбааӡаны асаби иқьышә инықәсшьит, џьара иаасԥыхьашәаз акы ала аӡы неиҿасырхәхәеит, инап хәыҷқәа нхьашьшьын, ацәа дынҭанагалазшәа збеит. |
Аҵх иалоуп умш изаламгыло, уцәа рҟьало, ицо-иаауа ибжьахеит. |
Излеиҭоуҳәарызеи апоет илирикатә шедевр ҿыц Аӡыкәыт-ӡаҳкәажә иаҩызоу аԥҵамҭа амагиатә мчы атәы?! |
Саб иҳәауан уаҟа амузеи бзиа ыҟоуп ҳәа, иаабароуп. |
Игәарҭахьоу, абар, уажәшьҭа сара сажәит, саныҷкәыназ, раԥхьаӡа ианызбаз еиԥш, иаакәыршаны игылоуп акәымзар, ашҭа дәҳәыԥш хәыҷаҿы аҵлақәа, ракәым, шьацымзар, иара ус машәырынгьы ҵиаа бааԥсык ықәиааны иубаӡом. |
Урҭ еилахоуп, уажәы ачаӡра иаҿуп, насгьы, ахаҵа иахь ицәырҵуам! |
Дыӡсо амал далажьуп ҳәа акәӡами, уара, ида ԥсыхәа анумоу, уқәыхәхәа иҩны уанцаз. |
Аублаақәа ҳусҳәарҭа анбылуаз алҩа еилахәашь иахылҵуаз иалууа иааиуазшәа збо салагеит, хьыӡда-цәада иҭахаз аублаа хацәа ӷьеҩқәа рхаҿқәа, лассы-лассы сылаԥш дааҵашәон, мҳаџьырра шәсышьҭуам ҳәа, иаҳәа цҳафыр ҟьо, иҳаԥгылаз Бараҟаи-иԥа Аҳмеҭ. |
Шалуа Иналипа ииҳәаз иацаҳҵарц иҳалшо убри ауп, араҟа анцәа иӡбахә метафора мацараны, сахьаркыратә хархәага мацараны иҟам, адинхаҵарагьы хьаҳәаԥаҳәада ианыԥшуеит. |
Ҳҭоурых ҽеишәа иззымдыруа, ма издырырц зҭахым шьоукы-шьоукы, Аԥсны аҳра-напхгараҭара сани сареи ҳала аҵыхәтәа ԥҵәазшәа иалацәажәоит. |
Аԥсҳа ихаҭа макьана дыҷкәыноуп, дыԥхашьа-ԥхаҵо ихы лаирҟәуеит. |
Апап иџьар Саҭбеи иҿакны дышгылоу, Саҭбеи ишәақь аԥынҵала аџьар дасны икаижьуеит. |
Ишьқьыруа ара иҩназ аҳәсақәа, аҭыԥҳацәа, рысасцәа анца, аҩны анааилдыргақәа, иныҵыҵ-ааҵыҵзаргьы, иааиуазар акәхап. |
Ара Амц нхозар, мцфарҭазар, мцы ахьызнымхо ҭыԥуп Уахь, ԥшьаҭыԥҵәҟьоуп, узнеир. |
Иҟалои сыҩныҟа иҿааихар сҩыза, схәыцра рацәаӡоуп. |
Жәҩанахь имԥшуаз рыбла ҭхаха, зегьы азыԥшын ақәа. |
Анааша ланхәа лҿы днеит, лылахь шеиқәыз анхәа илбеит, лыԥхыӡгьы лалҳәеит ашьҭахьы. |
Дад, иуасҳәараны иҟоу ахҭысқәа оумакала иҟоуп, ихаумҵаргьы ҟалап, аха иҟам-ианым абауҭаху, хаҭала сзыниахьоу, исаҳахьоу, сызлаԥшхьоу аҵабырг ауп иуасҳәарцгьы исҭаху, аҵыхәтәан, ихы ирқьиозшәа, даацәажәеит Ардимон. |
Иацы абитуриентс иҟаз, иахьа аректор ихаҭа диԥхьо |
Ҳарбааӡаргьы хьҭа ҳакрым, ҳшәыргәындаха ҳхы ҳҵәахырм. |
Шәиҟәаҵ уара наҟ, ҳус идӡылеит дшәымбаӡои гаӡажәак шиакәу? |
Зынӡакгьы сбымбазшәа бцала, ибасҳәо шымцым хаҵала, блымҳақәа ираҩшәоушәа ҟаҵала! |
Исгәыҵамӡоз хаҳәраҳан саҵан са суахҭа, исҭынхоз закәыҵәҟьаз сзымдыруа схаҭа. |
Машьышь дгәаҟуеит, дыԥсуеит ҳәа ҳаҳан, сан слыцны ҳалбааит ачымазаҩ иҭаацәа рахь. |
Иԥаҵа еиқәаҵәақәа иҿарҵәи-ҿарҵәиӡа, ибла еиқәаҵәақәа, мыцхәы ишәцәаз амаахырқәа реиԥш, еиқәыкамкамуа иааԥшуа, иӡара хәхәа еиҩаҳаҳа, иаԥсуа тапанча, зыҭра аԥынҵа ҭыҳәҳәа иааԥшуаз наидҳалауа, дызбалакгьы дарбан ԥҳәызбаз имеилаҳауаз! |
Саргьы срыцлахьан зынгьы, сгәы снархьуеит уи уажәгьы, шьоук ирҟәышуан игаӡаз, аамҭак дацын ианцахьаз. |
Ауаҩы данажәлак, абри абӷьыц еиԥш, дыҿшәоит, ихылҵыз иҭыԥ аҿы даагылоит. |
Мыткәмала агәдыҳәа сгара дырҵысуан, агарашәа рхашҭны ауаз имҩахнагон. |
Ирҳәоит ҳара ҳқыҭан ԥҳәызба ссирк амра иамакуа дгылеит ҳәа. |
Абӷьыжәра иладыркмпылт, рхаԥыц иадыргеит, аха ирымҟәыҵҵәраан, ееиргьҳәа аԥсы аманы ицеит. |
Маиаковски иметод ала аҩра напы азыркыз. |
Башаӡа рцәа ԥаҳҽуеит ҳәа шәаҿуп, урҭ рцәажәара иҽналаирхәт Ҳабыџьгьы. |
Абираҟ аҵаҟатәи аӷбақәа рҿы аус зуа амшынуаа ахә рымаӡам, урҭ аексплуатациатә ҭагылазаашьа даҽаџьара изыҟалом. |
Агәылшьап лакьы-лакьуан Сасрыҟәа икәшарцаз, аха Сасрыҟәа уи дырны, наҟ дахыԥаны ҟамала дасуан, арахь дахыԥаны дасуан. |
Сышәхымс аԥсцәаҳа дмаалықьха даахыҵуеит, акраамҭагьы дсыхәаԥшуеит дгылан. |
Ашәҭ ангәылптуа са усызхәыцла, ишысныруа дырла ианканӡа. |
Аџьықәреи шьап мақарит, рлапҟьақәа ргәыҵаҳәҳәа, акакеиҳәа ианаҵаҳәҳәа ирыжәлеит игәаан, ишьҭанаҵарц ираан, аҟәҟәа-ҿҿа рылгеит, шьаҭақәак иаарылгеит. |
Ашьҭахь, иккаӡа иҭадырцәыз Аԥсны агырцәа, ашәанцәа ааганы инзырхаз ақырҭцәа роуп |
Ачҳара цәгьоуп уԥсадгьыл аиҳарак аӷа импыҵахаланы, уара уи чҳаны укәаԥӡа атәара, аха агәыԥжәара мацара аҽаҭатәым, амҳаџьырра зыхҟьазгьы ҳхаҿы иааганы иҳамазароуп. |
Сынтәагьы макьана иҭыԥ ыҟам, аҭыԥ шааҟалалак, адырра уаҳҭап, усҟан дааугап аҷкәын, – иҳәан, наҟ днеиԥырҵит. |
Мамзар арҭ ажьыфацәа ҳхы иқәтәарц рҭахуп! |
Аӡӷаб хәыҷ хахәы бырфын, хаҿы лаша |
Ахыкәалаа еиԥш ишааиуа, ихы аԥша анданы, ргәыҵа ҩежьқәа хахаӡа, рҭыԥ аҿаԥхьа, аҳауаҿы рҽааныркылон урҭ аҟарулцәа еилахазар, иҭацәаанӡа иԥшын, нас, акәапаҳәа рыҽнықәыршәны, рмагә ҩежь дуқәа шьҭарҳәазо рҿынархон |
Иахьатәи аԥсуагьы дзырӷәӷәо иара иабацәа иабдуцәа рымчроуп. |
Хындыгә аӡиас даваланы дшааиуаз, данынаԥш, апапцәа реиҳабы ауахәамахь дышцоз, ибеит. |
Ажәала ацәажәара акәым, саԥхьарц ашәҟәы аашьҭымҭа послание. |
Дхысуан алаҳәа иршәарцаз, Аԥшаацәагьы абжьы раҳарцаз. |
Хәарҭас уаб изыҟаларц уҭахызар, ауахәама аҟынтәи аӡы аашьҭыхны, ушиашоу Лӡаа, ҳныхаԥааҩ Ҷышә иԥа Баҭыр |
Шеварднаӡегь уи ииҳәаз шигәаԥхаз ихы-иҿы ианыԥшуа, ихы ааирҵысит. |
Даҽакгьы иуасҳәо, аҳақьым азин уимҭакәа сцоит ҳәа уаламган. |
Ари машәыршәа иҟалаз акы акәым, – иҳәеит Игнат Иваниԥа. |
Ҳы, аџьымшьы беилаҳазар, адгьыл ду бара ибымами, илабҵар, иаабрыхыр, иааҿыхны бамыцҳауеи! |
Аԥшасра ианалага, уажәымзар уажәы ахаҽаҳәа ақәа аҿаанахарашәа рбазар акәхап, ауаа еимбӷьыжәаа рыҩныҟақәа рахь еихеит, шьоукгьы аресторанқәа инарыҵалеит. |
Арҭа ҷкәынцәа реиҳараҩык, иареи Хасикгьы дналаҵан, класск аҿы еицтәан, иагьеиқәлацәан, аха иахьа уажәраанӡа изеиламҵәеит. |
Ус анакәха ҳаицыҟаз наӡаӡа, бԥа диашоуп! |
Аԥсҳа лакӡа-ҩакӡа зегьы дахьырбарҭаз дааскьаны даақәгылеит. |
Ари аҳ иԥҳацәа рымаҵ луеит, убра дыҩноуп. |
Иара ибзианы идыруан хыԥхьаӡарала имаҷыз аублаақәа рымч зықәхози ирылымшози. |
Уажә уи аԥшьацәа идырԥшьаны, иақәныҳәаны, наӡаӡа ҳәа аартра ргәы иҭоуп. |
Ԥхьарцада аԥсуа имам ԥсыхәа, ауарӷан акәзар ҳгәы ԥзыртуа. |
Сахьымӡаӡац ссирк абаха, аҵх ишысҭаху исмыршац. |
Сыԥсы надкыла унаҿыхәа, нас еилукаап исаԥзырҵаз. |
Саргьы ажәақәак сҳәар сҭаххеит, аха сани саби исарҳәахьаз здыруан азы ҿымҭӡакәа стәан. |
Салагахт саргьы, Лад иеиԥш атәымажәа аҳәара |
Азанҭатәи абырзентә уахәама () — Аԥсны азанҭа ақыҭан иҟоу ауахәама. Иргылоуп XIX ашәышықәса алагамҭазы. |
Цәыббрамза́ 5 (Цәыббрамза́ хәба́), Сентиа́бр 5, Цәыббра́ 5 — григориантәи амзар 248 тәи амш (249 тәи амш ашықәс ду ала) ауп. Ашықәс анҵәамҭанӡа иаанхоит 117 мшы. |
Амца зкыз ҳәа акгьы лымбаӡо, иара амцабзгьы, илымбаӡацыт аԥшшәы шамоу, иџьалшьақәаз акгьы лынмырԥшкәа, уажәадагьы илбақәахьоушәа лҽыҟаҵаны, уаанӡатәи реицәажәара инацылҵеит |
Егьа укараханы уҟазаргьы, уа ахықәаҿы утәаны ԥыҭраамҭак аамҭа узухгар, уааԥсара зегьы иахьцаз-иахьааз умбаӡо иухнацоит, убри аҩыза амч амоуп иара. |
Уи аҵыхәтәанӡа акәны лҩымсаг ҩнылшьуеит абысҟак шықәса илыԥссоз ауахәама. |
Алашьцара, шаҭарак ҟамҵакәа, Аҽахьнагӡоит, абар, иахьабалак. |
Бмоҭа дышԥаԥси, амоҭа дбызҭада, макьана быӡӷаб дхәыҷупе?! |
Рыԥхӡы акәзар хыхьтә илеиуа ақәаԥсата, Ашьац иаҵәараҿ араӡын ӡаӡа казыртәа |
Ианараӡомызт ажәҩан ҽыти адгьыли ргәазхара аибабаха. |
Аха уажәы уи ала салагарц сгәы иҭаӡам. |
Саартә сҟамлеит, сан дыԥсит, ашықәс ҟалаанӡа сзықәымҵит. |
Шаҟа ихы ицәымӷханы дықәҵны дцазеи убри аҽны Шали! |
Лара дыҳәҳәан агәылацәа еизылгеит, Дысгәыҵасны скаижьт, сишьуан, – лҳәеит. |
Ӡаӡ Дапрсалиа Мышә аԥсҭа ахаҩаӡара, џьара ахьара иныҵс-ааҵсуа, инҭаҳа-ааҭаҳауа, ибеиуан Мышә цәыбблы. |
Иҭаҳәахаа Ацәа иатәнатәит, Илашомызт амза каххаа, Ажәҩангә аахәашьит. |
Џьашьахәуп араҟа имҩаԥысуа, иаҳзеиҭеиҳәон ҳмашьынаныҟәцаҩ Бен. |
Сурени Ҳамаиаки рыжәлар кажьны изықәҵуамызт, урҭ аҩхацәак баагәараҵас рашьцәа рнапы рыкәыршаны иаарывагылт. |
Шаҟа сыԥсахы неиланаҵазеи, ашарԥыеҵәа иацҿызҭуа арбаӷь еиԥш сызлаз аԥхыӡ хаа салызхыз ателефон абжьы. |
Subsets and Splits