text
stringlengths
23
997
Сара сакәу, уи уа уакәу, иажыз, ҳагьзашьҭоузеи, иԥсыз усгьы иԥсит ауп.
Еинралзар акәхап, урҭ реиҳабык, Нели дахьышьҭаз дналхагылан, иара ибызшәала ҿааиҭит
Аҩны даныҟаз усҟак инирԥшуамызт, аха аӷба аҩныҵҟа еиҳа ихала ихы даназынха, мцаны дицраланы дыҟан.
Макьана Гана инапы злеикрыз издыруамызт, амҩаду аган ианыршәланы дахьаныз.
Абри аҭагылазаашьа ахы ианархәеит ҭырқәтәылатәи аимпериа.
Нина Ерих диҳәеит, сааҭыбжак иадамхаргьы лыҩныҟа дауишьҭрацы
Сара исҭахымызт, коммунистк иаҳасабала, снапы сҩахауа, урҭ азакәандарақәа срылахәызарц, ма шаҳаҭс срымазарц.
Аҽны усура санцоз, исымҩатәны аредакциаҿы сынкыдгылан, мызкы аахыс имазеины аҩны ишьҭаз сыстатиа рысҭеит.
Уи шабаз аҩызцәа ирамҳәа, идәықәлеит иҭҟьаны, арбаӷь хәҷ аика мцабзха, ишнеиуаз аандахь еиханы, бла цеицеик инхыԥшылан, иаангылт ишанханы.
Урҭ раҳцәа рымаҵ руеит ишәаны, мамзаргьы ус иаԥуп иҵасым ҳәа.
Иҵара анхиркәша ашьҭахь, еиуеиԥшым аамҭақәа рзы, аус иуан агазеҭ Аԥсны ҟаԥшьи, ашәҟәҭыжьырҭа Алашареи, ажурнал Ашколи аԥсҭазаареи рредакциақәа рҟны.
Рҵаҩцәас аус руан иара убас уи ашәҟәыҩҩы аинститут ицалгаз иҩызцәа.
Уи ихәҭоу, иқәнагоу ҳәашьас иамоузеи, аамҭагьы рацәаны ибжьамлахьеи, саргьы иахьатәиума, исхашҭқәазгьы ыҟами?
Аха уи иаартны исеиҳәеит араионқәа рҟынтәи Аҟәа ақалақь аҟны усура аӡәгьы дышрыдрымкыло аквартира амамзаара ҽыҵгас иҟаҵаны.
Абас аҷкәынцәа зыцәҭахахьаз ҳацны аԥсыҭбара ахьыҟалоз аҩнаҭақәа рҿы ҳаннеилак, ацәажәара иаҳа иаҳзымариахон.
Мсым Хәыҷы дани аҽныҵәҟьа амышәкәан дылаҳәан, аҳҭынра даадәылган, дганы диааӡеит.
Иҟан, ихала иҽимшьӡеит, аҳазарқәа дыддыршьит зҳәозгьы.
Ажәларгьы неиҩымсрада зегьы бзиа дырбон, далкааны дрыман, иажәа акыр ԥхылнадон, иахьагьы, уаҵәгьы дырхадыршҭраны иҟам.
Аси аԥшыци ирҿатәаны исуан ҳәа рзырҳәоит.
Сааҭыбжак абраҟа ҳаалзыԥшуеит, лхабар аныҟамла, сышиашоу слеиуеит, иҟалалак ҟалааит!
Даду убарҭ аҵыхәтәантәи иажәақәа ихьшәашәаӡа сгәаҵан инеин иҵааршәха иааснырит.
Уара ҳазну ашәышықәса апоет ду Аԥсра удыскылом.
Урҭ амшқәа рзы сара еидызбалеит алаӷырӡи, ахәы ҳаракыреи, ахаҵареи, ашәаԥшьи, ажәҩан ҵамҵами, ашәҟәы азыӡырҩцәа ргәырӷьареи.
Абна адулаԥ аҿы аҟәыд хьшәашәа, абысҭа хьшәашәа, аҩы уҳәа аҟоуп, ицәырганы ишәфа, ҳәа иалҳәеит.
Алиас иқәра иқәрамызт Џього, аха уигьы уаҩ быргк иакәын шьҭа, дахьаангылаша џьара акы иԥшаар акәын, иара усгьы ижәны иҟаз асасцәа ырԥшӡаны имҩаԥигар акәын, аха Беногьы акыр дааиԥырхагахеит.
Асы зқәыжьыз ашьха иавҵны, Амра агылара иаҿын.
Уиҟәаҵ, уара, убри Лад, уаҟагьы ԥҳәыск лымацара дтәоуп
Еиҳа амш каииа иԥсыршьагоуп анугәахәуазгьы, гәаҭеирак аҵубаауан
Сара стәы здыруеит аха, иабаздыруеи уи лыԥсы сара исыхәлоу, исыхәламу?
Уҟамшәа ануба нахысгьы умҩасит, сымҩасуеит саргьы, аха сшыӡраҵәҟьа сыӡуам.
Уиаахыс ари аиубилеи ду иазкны ажурнал акыр аус аухьеит.
Дзызҵааз ахаҵа, иааигәамԥхеит ари иҵаашьа, насгьы дзызҵаауаз.
Аԥшәма хәыҷы зани заби гәылара еиццаз, аҷкәын ашҭаҿы дыхәмаруан ихала.
Рхәыҷра, уи ахьырхыр газ ақыҭақәеи ақалақьқәеи рсахьақәа, рыҷкәынра, рарԥысра, аб-зиабара, ашәаҩа-қьышәхырҽқәа, аҩызцәа
Иазхоуп, – иҳәеит, шәаха сымам, инҵәеит, – иҳәеит, абалон!
Имҳаҵә налаҵо иџьамгьы ахьалам, дхысхысуа саргьы даасыхьӡоит.
Урҭ ирыбжьаркыз Ԥсҭазаарак хҭазкыз, уааишьа ангәарҭа, Уцашьа рызгәамҭеит.
Аҟәа аԥсуаа ианаҳга, аҽныҵәҟьа Аҟәаҟа ҳхынҳәит, иҳашьцылаз алеи ацгәи ааныжьны.
Ари лакәуп, ма иаргамоуп, иаԥхьаз ацха гьама игьамоуп, хәшала-хҷаҭла ихәы чаԥоуп, хьы-раӡнылагьы дкәабоуп!
Еишьҭагыланы ахыбра иныҩналан, анеирохирургиа аҟәшахьы иҩыхәнеит.
Сгәы смырҭынчит, схы иасымҭеит уаҳа ԥсшьара, сшыгәаҟ-ҵәаҟуаз, кырынтә сыцҳақәа ҭаԥҵәеит.
Хҿакгьы шыҟам са сышьҭазкуа, иадырп са саԥхьа иара ҭахар.
Иажәабжьқәеи иповестқәеи рстиль апублицистикатә стиль иазааигәоуп.
Еиҳа ихадароу ҳҵасҵәҟьа абыржәоуп ианалаго рҳәарызшәа, акрыфара иааҟәыҵын, зегь уи рылаԥш наздырхеит.
Иара, ани уажәы иқәеибаҳәа итәоу рыхьӡшьарақәа, ианиҭахыз ишиҭахыз иԥсахуан, аха иара ихьӡшьара аӡәгьы далаиркьысуамызт.
Ус анакәха, зылԥха-згәыԥха ҳауша Анцәа Ду игәаԥхаз наҳагӡароуп.
Иан лыхцәы ҟәашӡа, лхы ахчы илан.
Ари еиҳау насыԥ смоуӡацт, мҵәыжәҩада сԥыруеит сара.
Ҵабыргуп, иара иҟынӡагьы ҳпоезиаҿыы асатира аҭыԥ амамкәа, ихәыдаӡангьы иҟамызт.
Аҭаца Лиана акы даҿын, сшыҩналаз еиԥш, сышҟа лҿаалхеит.
Ацәеижьы амчымхара ианақәшәалакь, адоуҳа ҵыргәас иҟалауа, адоуҳа анааԥсалакь, ацәеижьы маакырас аҽыҟаҵауа.
Арбаӷьқәагьы знык иҿырҭит, аҵыхгьы шьҭа агәы еиҩнашеит.
Уаала ашәшьырахь, урыцҳауп, зынӡа ухы аршаҟәеит амра.
Урҭ лыԥха зырҭо, ауаа хзырҵәо, изшьуа, изҭиуа роуп!
Дабоубахьоу ауаҩ хәыҷ иаҟара зыҽзырдууагь, ажәҩан даҵасуашәа, адгьыл дықәмыҳәҳәо гаӡа.
Снеиуан схала акыӡӷра саҿысны, аҵықьҳәа исхыкны ахысббжь геит.
Спиеса Аҳақ ашәара ишысҳәаз еиԥш, ԥсышьацәгьа ахьарҭаз ахыбра мацара акәындаз априказ сџьыба иҭаҵаны, уа мшыбзиа ҳәа ашә аартны, еиҳараӡак иазашшуаз, аҟаԥшьқәа рахь сыцәгьа зҳәоз, икабинет сныҩналан, астол снахатәеит.
Быгәнаҳа рзымгааит, бзагәырҩала беиҵаҭәны адәы бықәзырхаз!
Ибаҳа хәыҷы ала абаа авара ааҭижаан алаӷәым наҵеиҵеит.
Аҽҳмырбакәа ашькаԥ иҭалеит, ҵиҵи-кәакәа, ацха мбакәа, ацха мфакәа ицозма имушьыкәа.
Ааԥын гәыкыҵәыкуа, мрала иқәҵаны, са соуп ҳәаҵәҟьа ҳаԥхьа иаагылеит.
Аха шәарҭ аԥсадгьыл шәашьҭоуп, ус анакәха аԥсадгьыл шәаҭәоуп.
Ибзиаҵәҟьаны идыруан уи аинрал, ирдыруан ақырҭуа еибашьцәагьы усҟан Аԥсны аԥсуаа зықәырцоз.
Аҭырқәцәа раԥхьаӡа Анатолиа Ҭырқәтәыла иқәнагалаз огәызаа ҳәа инеиҭанеиҭасуаз ажәларшьҭра ирхылҵшьҭроуп.
Ари ашәа ҩыџьа авторцәа дуқәа ирыбзоураны жәлары зегьы ирашәахеит.
Уаҳаид иӡӷаб аиҵбы бзиахәӡак лакәхоит, удыруоу, – рҳәон даҽа шьоукыхгьы.
Аформа ишьҭыху, аҵакы ианаалоит, уи аарԥшра иацхраауеит.
Аԥсны иахылаԥшхәу аԥааимбарцәа, зылԥха ҳауша иԥшьоу ҳныхақәа!
Ҳамҩалаҩ арԥыс бзиак далацәажәон, аҳәаха ишәымҭеит, ҿаиҭит Арушьан, уаанӡа аҵкыс ибжьы ҩыҭцаны.
Амза шәахәа шьаршьафхазшәа, адгьыл хнаҟьоит еизакны, аҭынчра заҵәык азынхазшәа, аҵых ыцәоуп аҿы акны.
Гәрскаиа арҭ ажәақәа иаҳагьы уамашәа илбеит, нас лыбз ашҳам ноулышьҭит
Сҵыхәтәа иалҵыз каҷҷауа, са исыхәаԥшуеит иччауа.
Уи иақәҳауан анышәи, ахаҳәи, аԥслымӡи, уажәы-уажәы агара аиԥш иҵысуан.
Иџьашьатәума сеилаԥсаргьы, амш-цәгьа схыбра хәыҷ арбгоит.
Дхьагәгәа лышьҭахьҟа даагәы шьеит лҳәозаарын лангьы уи илыхьыз аԥсреиԥш избоз.
Жәлары дыртәуп дара ирылоу шьала, дала, рыгәҭыха зыгәҭыхан, рхәыцра зхәыцроу есымша.
Аколнхарақәа аныҟаз зны, думоур ида, дҟауҵар ҟалон уи бригадирс.
Ҳаӷацәа зегьы иара иԥ сы иаҵеиҵар аума?!
Игәы камыжькәа уи аранӡа дааит, аамҭеи иареи кыр еибарххацәеит.
Шаҟа рҳәозеи, мҩахәасҭоушәа, Угәышԥы иалдоу ацәаҳәақәа!
Абри ҟалеижьҭеи Сабакьиа зыжәлоу дарбанзаалакгьы аӡәы ажьа ажьы ифаӡом, ажьа ҳара иҳасасуп ҳәа иԥхьаӡаны.
Шаҟа иҳәарц иҭахыз, иԥсахы аныԥжәа, ахәыҭаҩ Хынаа, аха ажәак изымҳәеит.
Еиҳараӡакгьы ихадараны иқәгылоуп еиуеиԥшым абиԥарақәа реимадареи ауаҩ ҿа ишьақәыргылареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа.
Аџьынџьтәылатә еибашьра аорден шыҟарҵаз ала, иара убас арамкақәа ирҭакны, уаҩы илаԥш иҵашәартә икьыԥхьын
Ԥшык, ҟәыдк, шәык, кәацк зҳәаз еиԥш, иныбжьаршәны ирзигаларц.
Шықәсык ҳәа аамҭала уҭаҩын Аҟәа, уи аҿҳәара иузацҵома?
Нана, ҿаалҭит сан лхы налықәкны, иԥсы ҭаны, абыржәы саԥхьа дгылоушәа, аа, абыржәы ашамҭазы ԥхыӡ дызбеит Басариан.
Гәаныла уи ииҳәақәоз еигәырӷьозгьы ыҟан, аха џьеи ас рыҽцәырганы рхы аадырԥшрын, мапгьы рҳәомызт, ааигьы рҳәомызт.
Ашьацраҿы ауарҳал каршәын, Дықәтәан уа ахәыҷы.
Абриа ҟнытә Мышә, амарда икыдгалаз амҩахәасҭа ианымлакәа, ахаҳә ду инахыҩрны, мҩас акәара шьҭыхны ицоз ашьхақәа инарышьҭалеит.
Иеиҵбацәа иашьеи иаҳәшьеи аҽада еигәырӷьон, зыԥсы ҭоу хмәаргак ирзаҩызан.
Гена џьара дыццакуан, аҭамзаара шьҭеиҵан, ус иҳәеит
Аҭаацәа зегьы даду ишьҭахь ҳгылан, агәылацәа насҭхашәа игылан.
Аԥсуа ан лхахәашлара сакәхшоуп сара, цәымзаҵас зҟәыбҷара аҿу аԥхара!
Иаҳҳәа-иааӡа, изыхҟьазаалакгьы, ҳаҳра ырӡны, ҳаҳҭынрагьы нкажьны аҭырқәцәеи аԥсуааи маҵуцәас ҳхы раҳҭарыма?
Ма ҳамҭак еиԥш исҭиуеит, ма, анышә нақәҳәҳәаны, исҵәахуеит наӡаӡа.
Лара лааигәара аӷацәа ԥиххаауан шәара зқәымыз аснаипер Михаил Цәышба.
Баграт Васили-иԥа, шәроман анҭыҵ, санаԥхьа, ҳәарада, Шәарах Кәаӡба шәара дшәыӡбеит, ус ауаҩы дыҟамызт сҳәеит.
Уахысит ухәыҷра харҭәааны, уарԥысра уқәлеит ауп, нан.
Уи ак аԥсы аманы иԥырны ишнеиуаз, Џьажәк иқәтәеит.